[go: up one dir, main page]

Перейти к содержанию

Лыхнытәи ауахәама

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Лыхнытәи ауахәама

Лыхнытәи́ аны́хабаа, Анцәадзыхшаз Лылацәеиқәыԥсара ахьӡала Лыхны иҟоу ауахәама (ақырҭ. ლიხნის ღვთისმშობლის მიძინების ეკლესია) — Аԥсны архитектруратә баҟа, аҟәырӷтә уахәамоуп, игылоуп Лыхны ақыҭан. 2006 шықәса абҵара 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, ауахәама анашьан амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамуа акультуратә баҟа акатегориа[1].

Лыхнытәи ауахәама X ашәышықәса иаҵанакәа аџьар-ҟәырӷтә ргыламҭоуп. Лыхны ақыҭа агәҭаны игылоуп. Ауахәама иргылоуп ибзиан ицәу ԥшькәакьҭақәа рыла. Усҟак идуум аҟәырӷ хаз-хазы игылоу 4 шьаҟак ирықәгылоуп. Мраҭашәаратә ахәҭаҿы иҟоуп хыхьтәи агаллереиа. Афасадқәа мариоуп, усҟак идуум аԥенџьырқәа амоуп. Мрагыларатә аҭӡамц иаԥыҳәҳәоит 3 апсидак. Лыхнытәи ауахәама аҭоурыхтә хыҵхырҭа хадас иԥхьаӡоуп уи архитектуреи аҭӡынҵақәеи. Лыхнытәи ауахәамаҿы иаанханы иҟоуп X-XI ашәышықәсақәеи, иара уабс, XIV ашәышықәсеи ирыҵанакәа аҭӡынҵақәа рышьҭақәа. Дара аколорити, еиҵыху афигурақәа рдинамикареи, аекспрессиеи рыла иалкаауп.

«Ⴕ. Ⴉურთხეულ Ⴞარ, Ⴖმერთო, Ⴗოვლად Ⴗოველსა Ⴘინა. ႤႱ Ⴈქმნა Ⴃასაბამითგან Ⴜელთა ႾႵჂႧ (ხქჲთ — 1065 წ.), Ⴕორონიკონსა ႱႥႮ (სვპ — 1066 წ.) Ⴋეფობასა Ⴁაგრატ Ⴂიორგის Ⴛისასა Ⴈნდიკტიონსა ႪჁ (ლჱ), Ⴀპრილსა Ⴇვესა Ⴅარსკვლავი Ⴂამოჩნდა, Ⴐომელ Ⴋისსა Ⴜიაღსა Ⴀღმოლიდის Ⴃა Ⴜინა Ⴋისსა Ⴅითარცა Ⴘარავანდედი Ⴃიდი, Ⴋოკიდებით Ⴋასვეა. Ⴄსე Ⴈქმნა Ⴁზობითგან Ⴀღვსებამდის.»

Лыхнытәи ауахәама ажәытәрақәа раԥхьаӡа акәны дрыхцәажәеит еицырдыруа афранцыз қарҭвелолог Мари Броссе. Иара ауахәама аҭӡамцқәа рҟынтә ақырҭуа адҩыларақәак хиҩаалеит, урҭ иреиун 1066 шықәсазы Геллеи икомета ацәырҵра иазкыз адыррагьы[2], ари атәы иануп Киевтәи аҳра ашықәсҩыреи китаитәи ахроникеи рҿгьы.

Мари Броссе игәаанагарала, ажәақәа „Аҳ Баграт Гьаргь иԥа индиктион ლჱ (38)“, аадырԥшуеит Баграт IV-тәи иаҳра аҟынтә 38-тәи ашықәс, избанзар ажәа индиктион иара убас ахархәара аман аҳцәа рнапхгара аамҭа аарԥшразы. Убри иашьашәаланы, Аҳ Баграт аҳра иуан 1027 шықәсазы, уи аҟынтә 38тәи ашықәсны иҟан 1065 шықәса.

Урыстәыла – Қырҭтәылатәи еибашьранӡа Лыхнытәи ауахәамаҿы иҟан 17 раҟара ақырҭуа аҭыӡсахьатә адҩылақәеи, абиблиатә сиужетқәеи, ацқьацәа рсахьақәеи ақырҭуа – бырзентә аилыркааратә адҩылақәа рыла. Арҭ адҩылақәа рҿы еиду Қырҭтәыла аҳцәа: Баграт IV-тәи, Гьаргь III-тәи, адоуҳатә хаҿқәеи рыӡбахәы ҳәан.

Лыхнытәи ауахәама адҩылақәа рҿы зыӡбахәы ҳәоу аҳ Баграт Гьаргь иԥа - Баграт IV (1027-1072 шш.) иоуп. Адҩылаҿы акамета ацәырҵра иџьоушьаратәы убас ииашаны аарԥшуп. Ари ахҭыс арбоуп еиуеиԥшым 3 рыцхәркрак рыла (ашара инаркны, аиндиктион ала, ахороникон ала), насгьы, амзақәагьы амшқәагьы арбоуп. М. Броссе ишазгәеиҭаз ала, 1066 шықәсазы Қьырса дыбзахеит мшаԥы 16 рзы, бзоба аныҳәа – мшаԥы 9 рзы. Убри аҟынтә, акомета цәырҵит мшаԥы 9-еи 16-и рыбжьара. 1066 шықәсазы Галлеи икомета ацәырҵра иазку адыррақәа иҟоуп Киевтәи аҳра ашықәсҩыреи китаитәи ахроникеи рҿгьы. Ацәыршәага ҿаасҭа асахьала акомета аалырԥшит Нормандиа акралԥҳәыс Матильда Фландриер, лара илԥаз ауарҳал акәакьаҿы иқәылҵаз асахьаҿы.

Уажәтәи аҭагылазаашьа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Лыхнытәи ауахәама Қырҭтәыла амилаҭтә ҵакы змоу абаҟа астатус анашьоуп.

  • „Аԥсны акультуратә аҭынхара“, қарҭ, 2015.
  1. "საქართველოს პრეზიდენტის ბრძანებულება № 665, 2006 წლის 7 ნოემბერი, ქ. თბილისი, კულტურის ზოგიერთი უძრავი ძეგლისათვის ეროვნული მნიშვნელობის კატეგორიის მინიჭების შესახებ". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2019-07-01 ахь. Ириашоу 2020-12-31 шықәсазы.
  2. Brosset, Marie-Félicité (1851). Rapports sur un voyage archeologique dans la Georgie et dans l'Armenie, execute en 1847-1848. (in French). St.-Petersbourg: Impr. del'Acad. des sciences. p. 116.